Аҧсуа IX 9.
IX კლასი
Аҵаҩы, апроблема ма аимак иазкны игәаанагара аҩра илшоит; урҭ ирызку еиуеиҧшым агәаанагарақәа реихшьалара илшоит.
ინდიკატორები
- альтернативтә гәаанагарақәа анализ рзызуа, иконкрету атема ма азҵаара иазкны аҩымҭа аҧҵара;
- ихатә гәаанагарақәа рышьқәырҕәҕәаразы аргументқәа раагара;
- асахьаркыратә теқст аҿы иаарҧшу аидеиақәеи апроблемақәеи рызхәыцра;
- аҩымҭаҿ аепизодқәеи, асахьаркыратә детальқәеи, афырхацәа рхымҩаҧгашьеи, рҟазшьақәеи, рцәаныррақәеи, рдунеихәаҧшышьеи инрықәырҧшны, асахьаркыратә теқст аидеиа хада ахцәажәара;
- иара игәаҧхо аформала, дзыҧхьаз атеқст аҿы иаарҧшу апроблема ахцәажәара;
- ихатә гәаанагареи иемоциатә-психологиатә азныҟәашьеи раарҧшразы, афырхацәа реиҿырҧшратәи реиҿаргыларатәи аҟазшьарбарақәа раҧҵара;
- дзыҧхьаз атеқст аконтеқст аҧсахрала, уи еиҧшу апроблема иазкны ажәабжь ҿыц аҧҵара
илшозар.