Аҧсуа VII 9.
VII კლასი
Аҵаҩы атеқст аилазаашьатәи абызшәатәи аҟазшьарбагақәа анализ рзиуеит.
ინდიკატორები
- еиуеиҧшым афунқциатә стильқәа ралкаареи рҟазшьа агәаҭареи;
- атеқст аҳәаақәа инрыҵакны, атеқст афунқциатә стильқәа ралкаареи урҭ рызкра ахцәажәареи;
- аЖанрқәа рыла еиҧшым атеқстқәа ихадоу релеменқәа рҵакы аарҧшреи алкаареи;
- аҧхьаҩ афақти агәаанагареи еиҩызшо афразақәеи ажәақәеи рыҧшаареи реилкаареи;
- астилистикатә еффеқтқәак рыҧшаареи реилкаареи;
- арҿиамҭа ацәанырра азҭо ажәақәеи афразақәеи реилкаара;
- асахьаркыратә сахьақәеи (аиҿырҧшра, аметафора) урҭ абызшәатә ҟазшьарбагақәеи реилкаареи, атеқст аҿы рфунқциақәа раарҧшреи;
- асиужет аҿиара ашьапҿарҧсақәа иахьалаго ма иахьынҵәо, убри азы рхы иадырхәаз амаркерқәа зеиҧшроу аарҧшра;
- атеқст актәи ма ахҧатәи ахаҿаҿы изеиҭаҳәоу аилкаара; аеқсперимент амҩаҧгара, актәи ахаҿаҟынтә ахҧатәи ахь аиагара, иаиуа аеффеқт ахцәажәара;
- аҟаҵарба аамҭақәа аеқсперимент рзымҩаҧгара;
- азыʒырҩцәа рзы анырра змоу атеқст ахархәагақәа ралкаареи рыхцәажәареи;
- атеқст аҿы абызшәа иконверсиатәым ахархәара амзызқәа рыхцәажәара
илшозар.