Аҧсуа II 5.
II კლასი
Аҵаҩы атеқст хәыҷқәа дрыҧхьоит, еиликаауеит
ინდიკატორები
- абжьы рдуны (ишам ажәақәа рыла) ахәыҷтәы ажәеинраалақәеи, ацуфарақәеи, ажәаҧҟақәеи, ажәарццакқәеи, алакәқәеи, ажәабжь хәыҷқәеи рыҧхьара;
- аҳәоу аҿы иҿыцу афразақәеи ажәақәеи ралкаара, азҵаарақәа рыцхыраарала урҭ рҵакы аилкаара;
- дзыҧхьаз атеқст иазку азҵаарақәа ииашаны рҭак аҟаҵара;
- ииҵаз ажәа ҿыцқәа рыла дзыҧхьаз атеқст аҵакы аиҭаҳәара;
- дзыҧхьаз атеқсти аиллиустрациақәеи реидҳәалара, атеқст аҿы аиллиустрациа зызку ацыҧҵәаха (аепизод) аҧшаара;
- аиллиустрациақәа рыла атеқст аҵакы аилкаара;
- атеқст иазку аиллиустрациақәа рҭыхра;
- иаҭаху аинтонациала иҭкааны аҧхьара, аҳәоуқәа рыбжьара ааҭгылара
илшозар.