Аҧсуа IX 13
IX კლასი
Аҵаҩы, аҩымҭа иаҳа ибзианы аиқәыршәаразы, аҩыратә стратегиақәа рхархәара илшоит.
ინდიკატორები
- еиҧшым агәаанагарақәа рпрезентациазы аплан аиқәыршәара;
- еиҧшым агәаанагарақәа раарҧшразы, аргументқәа реизгареи гәыҧ-гәыҧла ршареи;
- иконкрету азҵаара иазкны азыʒырҩцәа ирызцәырҵырц иҟало азҵаарақәа, заанаҵы рынҵара;
- апрезентациа амҩаҧгараан, даҽа гәаанагарак аҭак азыҟаҵаразы иҭаххо аматериалқәа (ацитатақәа, еиуеиҧшым аҭҵааҩцәа ргәаанагарақәа, аҭоурыхтә фақтқәа), заанаҵы рырмазеира;
- аҩымҭа арҽеира амзызла, арҿиамҭа аҧхьареи, атехникатә агхақәа рырҽеиреи, ажәар ацхыраарала аформақәа ргәаҭареи; изымдыруа атерминқәа ралкаареи;
- акласс аҿы ибжьы рдууны аҩымҭа аҧхьареи, иҟарҵо азгәаҭақәа рыла, уи арҽеиреи
илшозар.